Bloomberg – Аблок алахәылацәақәак, Германтәылеи Нидерланди нрылаҵаны, ҳазну амчыбжь азы ирццакны Евроеидгыла алаларазы Украина акандидат астатус анашьара иақәшаҳаҭым
Bloomberg – Аблок алахәылацәақәак, Германтәылеи Нидерланди нрылаҵаны, ҳазну амчыбжь азы ирццакны Евроеидгыла алаларазы Украина акандидат астатус анашьара иақәшаҳаҭым

Аблок алахәылацәақәак, Германтәылеи Нидерланди нрылаҵаны, ҳазну амчыбжь азы ирццакны Евроеидгыла алаларазы Украина акандидат астатус анашьара иақәшаҳаҭым.

Bloomberg ари атәы аанацҳаит зыхьӡ арбам адипломатцәа ринформациа шьаҭас иҟаҵаны. Франциа имҩаҧысраны иҟоу асаммитнӡа мышқәак шагу, адипломатцәа адискуссиазы еизеит.

Адипломатцәа рҳәамҭала, атәылақәа, аполитикатә аӡбара рыдыркылаанӡа,   Евроеидгыла аҟынтә ираҳар рҭахуп Украина ари апроцесс азы иахьынӡахиоу.

«Дара Украина апрактикатә цхыраара аҭареи аибашьра аҟәыҵреи ауп изызҿлымҳау», — иҳәеит адипломатцәа руаӡәы.