Black Sea Arena-еи The Killers-и аконцерт аҿы аҭыԥ змаз аинцидент иадҳәаланы аҳәамҭа аладырҵәеит

Black Sea Arena-еи The Killers-и нанҳәа 15 рзы имҩаԥгаз аконцерт аҿы аҭыԥ змаз аинцидент иадҳәаланы аҳәамҭа аладырҵәеит.

„Ҳасасцәа ргәалаҟазаара ибзиаӡаны еилаҳкаауеит. Асценаҿ артист ихымҩаԥгашьа Black Sea Arena апозициа аанарԥшуам. Гәык ала аҭамзаара ҳшәыҳоит, ари афакт иадҳәаланы артист иҭак ишәыдаагалоит. Урыстәыла ампыҵахалаҩ-тәыла ауп“, – иануп Black Sea Arena- аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

The Killers ари аинцидент иадҳәаланы аланарҵәаз аҳәамҭаҿ ишану ала, аӡәы иргәаара ргәы иҭамыз, ари азы аҭамзаара шьҭарҵоит.

„Ақырҭуа жәлар бзиа. Аӡәы иргәаара хықәкыс иҳамамыз. Ҳара традициас иҳамоуп асценаҿ асасцәа рҟынтә ауаҩы далхны, драмқәа расра зин иҭара. Ҳгәыԥ асолист иҟаиҵаз аҳәамҭа абри акәын иаанагоз –  The Killers-и ҳазгәыбылҩцәеи ҳазыӡырҩцәеи зегьы аиашьцәеи аиаҳәшьцәеи роуп ҳәа, ари даҽакала еилышәкааит ҳәа ҳаҟоуп. Аӡәы иргәаара ҳҭахымыз, ҳаҭашәымҵан. Ҳшәыдгылоит, хара имгакәа еиҭах ҳхынҳәуеит ҳәа агәра ҳгоит”, – иануп The Killers аҳәамҭа аҿы

Нанҳәа 15 рзы Black Sea Arena аҿы имҩаԥысуаз агәыԥ The Killers аконцерт аҿы агәыԥ алахәыла асценахь аурыс драмер дааиԥхьеит, аконцерт ахь инеиз ахәыԥшцәа ари афакт иадҳәланаы апротест аадырԥшит.