Берн ахада - Ақырҭуа ҩы Швеицариаҿ ақәҿиарақәа азеиӷьасшьоит
Берн ахада - Ақырҭуа ҩы Швеицариаҿ ақәҿиарақәа азеиӷьасшьоит

Швеицариати аконфедерациа аҳҭнықалақь Берн афестиваль FERNWEH аҳәаақәа ирҭагӡаны, “Ақырҭуа ҩы афестиваль” мҩаԥган. Қырҭтәыла Аԥсабарахьчареи ақыҭанхамҩеи рминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Швеицариа абри еиԥш зымҽхак ҭбаау ауснагӡатә раԥхьаӡа акәны мҩаԥысуеит, уи ақырҭуа ҩы апопцлиаризациеи аекспорт азҳареи ауп хықәыкс иамоу.

Аҩы афорум ихы алаирхәит Берн ахада Алек фон Графенрид (Alec von Graffenried), уи ақырҭуа ҩы аҭоурыхи ақырҭуа ҩыҟаҵаратә аилахәырақәа раалыҵ ирызку аинформациа иоуит.

“Берн имҩаԥысуа афестивль FERNWEH  аҭыԥантәи уааԥсыра атәым тәылақәа ркультура ардырра ауп хықәкыс иамоу. Иахьа Қырҭтәыла иазку адыррақәа соуит, ари атәыла аҳаԥшьатә ҩы аҟаҵара 8000 шықәсатәи аҭоурыхи атрадициеи амоуп. Ақырҭуа ҩы Швеицариаҿ ақәҿиарақәа азеиӷьасшьоит,” – иҳәеит Берн ахада.

Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵарадырратә-документалтә фильм “Қырҭтәыла аҩы аԥсадгьыл” иддырбоит.