Беиелер ифонди Қырҭтәыла Амилаҭтә музеии аусеицура иазку аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргеит
 Беиелер ифонди Қырҭтәыла Амилаҭтә музеии аусеицура иазку аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргеит

Қырҭтәыла акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи рзы аминистр Ҭеа Ҵулукиании Қырҭтәыла Амилаҭтә музеи адиректор актәи ихаҭыҧуаҩ Ника  Ахалбедашвилии аусуратә визитла Базель иҟоуп.    Беиелер ифонди  Қырҭтәыла Амилаҭтә музеии русеицура иазку аиҿцәажәарақәа ихы рылеихәит афонд адиректор  Самуель  Келлер.

Беиелера ифонд  — Швеицариа зегьы реиҳа ипопулиару музеиуп, адунеи аҿы ахьӡ ду амоуп.  Афонд аколлекциаҿы иҟоуп адунеи зегьы реиҳа зыхә ҳараку  400 раҟара аҟазаратә ҧҵамҭақәа, урҭ иреиуп  Пикассои, Монеи, Сезани, Мондриани, Џьакометти, Руссои, Уорхолли егьырҭгьы русумҭақәа. Афонд ацәыргақәҵатә залқәа иргылан архитектор Ренцо Пиано ипроект ала.  Афонд аполитика инақәыршәаны, ацәыргақәҵа цыҧхьаӡа арккаратә азкызаарагьы амоуп.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала,   Беиелер ифонд  2023 шықәса ҭагалан азы, ахатә цәыргақәҵатә аҵакыра абжа Пиросмани ицәыргақәҵа иазыркырц ихиоуп, ацәыргақәҵатә аҵакыра егьи азбжаҿы Пикассо ицәыргақәҵа еиҿыркаауеит.

Базель аусуратә аиҧылара мҩаҧган афонд  «Инфинарт» аинициативала, ари афонд ауп  2019-2020 шықәсқәа рзы Венатәи амузеи аҿы Пиросмани ицәыргақәҵа еиҿызкааз. Усҟан ари ацәыргақәҵа Альбертин имузеи аҿы  иреиҕьыз цәыргақәҵас иазхаҵан.