BBC Қырҭтәылеи Уельси реизгақәа рматч 55 000-ҩык иахәаҧшуеит. ВВС адыррақәа рыла, аматч аҧхьа абзиабаҩцәа аиаҭҵра рзыуадаҩхоит. Асабшеи амҽышеи рзы Англиеи Уельси еимыздо атуннель хада Северныи дыркуеит. УБри аҟынтә Бристоль аҟынтә Уельс ицл адәыҕбақәа рцынхәрац, абзиабаҩцәа автобусқәа рыла ацара ирықәшәоит.
Кардифтәи ахадара адыррақәа рыла, ақалақь аҿы атранспорт аиҭаҵразы аҧкрақәа шьақәгылоуп.
Аматч аҧхьа ашәарҭадара маҵзура хаҭарнакцәа ахәаҧшцәа зегьы гәарҭоит. Урҭ астадион ахь 3 сааҭк заа инеироуп.
Уельси Қырҭтәылеи регби аизгақәа рматч Қарҭтәи аамҭала 18:30 рзы иалагоит.