Баҭым имҩаҧысуеит жәларбжьаратәи афорум  World Travel Awards
Баҭым имҩаҧысуеит жәларбжьаратәи афорум  World Travel Awards

Европатәи апремиа World Travel Awards анашьара ацеремонианӡа мышкы шагу, Баҭым жәларбжьаратәи атуристтә форум аадыртит.

Ауснагӡатә иалахәып еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтә атуризм експертцәеи, ари аиндустриа иреиҕьу аспециалистцәеи, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи. Дара атуризм иҭышәынтәалоу аҿиареи аинновациатә маркетингтә стратегиақәеи ирылацәажәоит.

«Ауснагӡатә  World Travel Awards Қырҭтыла раҧхьаӡа акәны имҩаҧысуеит, ари ауснагӡатә атуризм аусхкы аҿы «Оскар» ҳәа иашьҭоуп. Баҭым иаҭаауеит 24 ҳәынҭқаррақәа рҟынтә  300ҩык ахаҭарнакцәа.

Сынтәа  World Travel Awards  30 шықәса ахыҵуеит, Баҭым имҩаҧысуа аиубилеитә аныҳәатә церемониа рхы аладырхәоит адунеи еицырдыруа АИХқәеи аблогерцәеи, урҭ рыгәҭа –  Euronews, BBC, Wanderlust, Emerging Europe,  EarthPix», — иануп Қырҭтәыла Атуризм амилаҭтә администрациа аинформациаҿы.