Баҭым иҟалаз аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы аусурақәа иахьантәарак инагӡахоит
Баҭым иҟалаз аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы аусурақәа иахьантәарак инагӡахоит

Баҭым иҟалаз аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы аусурақәа иахьантәарак нагӡахоит.

Ахәрақәа зауз ҩыџьа атәылауаа рыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам.

Аԥшацәгьа ашьҭахь афымцацәаҳәақәа ааха роуит. Уажәы ауааԥсыра афымцалашара роухьеит.

Иасуаз аԥшатлакә иахҟьаны иаха Баҭым ауадаҩрақәа ҟалеит. Аԥша ӷәӷәа амшала ақалақь ахәҭак фымцалашарада иаанхеит ацәаҳәақәа рҿы иҟалақәаз аԥхасҭақәа ирыхҟьаны.Амшцәгьа амзызла Сҭамԥыл-Баҭым ареис Баҭымтәи аҳаирбаӷәазаҿ изымтәеит. Пиацца ашҭаҿ аргыларатә конструкциа еилаҳан, ҩыџьа атәылауаа ахәрақәа роуит. Урҭ ахәышәтәырҭахь инагоуп.