Ажәа шәысҭоит, сыԥсы ахьынӡаҭоу ақәԥара шынасыгӡо, фышыққәса зхыҵуа Сандро (сԥа) иҿаԥхьа сыԥхашьар ҟалоит, уи аҵкьыс Мхеил Саакашвили абахҭаҿ сиватәар еиӷьуп, сыԥсыр еиӷьуп, уажәы иҟоу аҭагылазаашьа аҽанраалара сылшом, – иҳәеит “Амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы Ника Мелиа Баҭым имҩаԥгаз акциаҿ данықәгылоз.
Ника Мелиа иажәақәа рыла, ақәԥара нагӡоит, Михеил Саакашвили ихы дақәиҭыртәуеит. Русҭави иҟоу абахҭа аԥхьа акциақәа аперманенттә сахьа роуеит.