Аҩнуҵҟатәи усқәа рминистра Аҷара аполициа адепартамент аусуҩцәа Баҭым, Лаҵара 26 амҩаҿ акорпус аилаҳара афакт азы имҩаԥысуа аусԥшаара аҳәаақәа ирҭагӡаны хҩык ааныркылеит.
Аминистра аинформациа ала, ахара зду ахаҿқәа 10 шықәсанӡа аҭакра рықәырҵар ҟалоит.
Иҟоу адырақәа рыла, иаанкылаз руаӡәы еилаҳаз акорпус аҿы иҟаз ихатә уадақәа рҿы арҽеиратә усурақәа наигӡон ашәарҭадаратә нормақәа еилаганы. Ари иахҟьаны сынтәа жьҭаара 8 рзы хыхь ҳзыхцәажәаз акорпус еилаҳаит.
Аусԥшаара хацыркуп Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 240-тәи ахәҭаҷ аҩбатәи ахәҭеи 187-тәии ахәҭаҷ ахԥатәии ахәҭеи рыла.
Еилаҳаз акорпус аҟынтә ҩыџьа атәылауаа еиқәдырхеит, хәҩык атәылауаа рыԥсыбаџқәа ԥшаауп. Аԥшаара-аиқәырхаратә усурақәа уажәгьы нагӡоит.