Азиатәи аҿиара абанк  2024 шықәсазы Қырҭтәыла аекономикатә азҧхьагәаҭа 5 наӡынак аҟынтә  7 наӡынак аҟынӡа азнарҳаит
Азиатәи аҿиара абанк  2024 шықәсазы Қырҭтәыла аекономикатә азҧхьагәаҭа 5 наӡынак аҟынтә  7 наӡынак аҟынӡа азнарҳаит

Қырҭтәыла амаҵзуратә усхки аҩныҵҟатәи ахархәареи акырӡа азҳара абзоурала,  2024 шықәсазы атәыла аекономика иаҳа ирласны аҿиара нанагӡоит, – иануп Азиатәи аҿиара абанк  (ADB) аҳасабырба ҿыц аҿы.

Жәларбжьаратәи афинанстә институт азҧхьагәаҭарақәа инрықәыршәаны, сынтәа атәыла аекономикатә азҳара арбага  7 наӡынанӡа ишьҭыҵуеит, ари арбага сынтәа мшаҧы азы иҟаҵаз 5 наӡынатәи  азҧхьагәаҭа  аасҭа ҩ-пунктк  рыла  еиҳауп.

„Агеополитикатә шәарҭарақәа шыҟоугьы, Қырҭтәыла аекономика аҿиара нанагӡоит. Атәыла хырҳагара азаазго аҭагылазаашьақәа иҟоуп, ари атәыла  арегионалтә аимадара арҕәҕәареи, хазхаҭалатәи асектор ацхраареи, ауаҩытәыҩсатә капитал арҿиареи, ақыҭанхамҩа аҧара алаҵареи  нанагӡоит, “, – илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу  ADB адиректор Лесли Беарман Лам.

Аҳасабырба инақәыршәаны,  2024 шықәса актәи азбжазы аинфлиациа арбага лаҟәит  1.1%-нӡа,  аха, рашәарамзазы  2.2%  иҟан. Уи атранспорттә харџьқәа рацҵареи, анефҭаалыҵ азы иҭышәынтәалам ахәқәеи, аҭаҭыни алкоголь злоу арыжәтәи рыхә ашьҭыҵреи иахылҵит. Иҭышәынтәалоу аиҭныҧсахларатә курси афискалтә политика бзиеи абзоурала, атәылаҿ ирласны ахәқәа рышьҭыхра  ахымҧадара ҟамлеит.

„Атәыла аҩныҵҟа иҭышәынтәалам аполитикатә ҭагылазаашьеи агеополитикатә шәарҭарақәеи уажәтәи аҳасабырбазы анырра роур ауеит, абри зегьы аиҭныҧсахларатә курс иақәыҕәҕәар ауеит. Урыстәыла ала Украина ажәылара амшала ахәаахәҭра ҧырхага ду аиуит, атауар иаамҭаны аагара анрылымшо иҟоуп, убри аҟынтә, аинфлиациатә ақәыҕәҕәара иацлар ауеит“, – иануп Азиатәи аҿиара абанк аҳасабырба ҿыц аҿы.