Ажьырныҳәа 27 Қырҭтәыла Ҳолокост иалаӡыз ауаа ргәаларшәара мшны шьақәыргылоуп
Ажьырныҳәа 27 Қырҭтәыла Ҳолокост иалаӡыз ауаа ргәаларшәара мшны шьақәыргылоуп. Ари аӡбара рыдыркылеит иахьа имҩаҧгаз аиҳабыра реилатәараҿы.
«Иахьа, аиҳабыра реилатәараҿы ишыҳаӡбаз ала, ажьырныҳәа 27 Ҳолокост иалаӡыз ауаа ргәаларшәара мшны ишьақәгылоуп. Қырҭтәылеи Израили реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа иазҧхьагәаҭаны, абри аӡбара аҵакы ду амоуп ҳәа сгәы иаанагоит », — иҳәеит Давиҭ Залкалиани.
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ишану ала, Қырҭтәыла, есышықәса, Ҳолокоста иалаӡыз ауаа рымш иазгәарҭоит 2005 шықәса ажьырныҳәа 27 ЕАР ала ишьақәыргылаз аофициалтә аамҭарба инақәыршәаны. Қырҭтәыла даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит адунеи агуманитартә принципқәа ишрызгәыку.