Ажьырныҳәа 14  - Қырҭтәыла амилаҭтә бираҟ иамшуп
Ажьырныҳәа 14  - Қырҭтәыла амилаҭтә бираҟ иамшуп

Иахьа Қырҭтәыла амилаҭтә бираҟ иамшуп. Атәылаҿы ари амш иазгәарҭоит  2012 шықәса инаркны.

Қырҭтәыла 5 џьарктәи абираҟ еиҭашьақәыргылан  2004 шықәса ажьырныҳәа 14 рзы.  Агеральдика азы Аҳәынҭқарратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Мамука Гонгаӡе ишиҳәаз ала, амилаҭтә бираҟ аҭоурых ду амоуп.

Апандемиа амшала, Аҳәынҭқарратә бираҟ амш инамаданы зымҽхак дуу ауснагӡатәқәа мҩаҧыргом, аха, Қарҭ Сакребуло аинициативала,  ишаҧу ала, Сакребуло ахыбраҿы аҳәынҭқарратә бираҟ шьҭырхуеит.