Азербаиџьан атәылахьчара аминистр Мухровани иҟоу арратә база даҭааит 

19:23, 02.06.2026

Қырҭтәыла ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Азербаиџьан атәылахьчара аминистр Хакир Хасанов  Мухровани иҟоу арратә база даҭааит.

Арратә хәҭаҿы иара иҧылеит  Қырҭтәыла авице-аҧыза, атәылахьчара аминистр Иракли Чиқовании Атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩы, аинрал-леитенант Гьаргь Маҭиашвилии.

Асасацәа Аоперациа ҷыдақәа рнапхгара абаза аинфраструктуреи, арратә аибыҭареи атехникеи рбеит. Аиҧылараҿы Аоперациа ҷыдақәа рнапхгара аиҳабы, аполковник Ҭеимураз Клатеишвили абаза аус ишауа рзеиҭеиҳәеит.

Арратә аҟәшаҿы иҟан Атәылахьчара аминистрра егьырҭ ачынуаагьы.

 

Еиԥшу