Азербаиџьантәи АИХқәа – Икаҳаз аҭырқәа ҳаирпланаҿ аҧжәага иҟамызт, аҳаирплан адәахьала ааха амоуӡит
Азербаиџьантәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ икаҳаз аҭырқәа арратә ҳаирпланаҿ аҧжәагақәа иҟамызт.
Апресса адыррақәа рыла, аҳаирплан анырҵәагақәа F-16 рзы аҧсахга хәҭақәа иианагон, аҳаирплан иақәтәан атехника амҩангара ашәарҭадаразы аҭак зыҧхықәыз аспециалистцәа.
Агентра адыррақәа рыла, аспециалистцәа аҳаирплан иақәтәаанӡа, ашәарҭадара аҧҟарақәа инрықәыршәаны, апроцедурақәеи агәаҭарақәеи зегьы ирхысит.
«Икаҳаз аҭырқәа ҳаирпланаҿ аҧжәага иҟамызт, аҳаирплан адәахьала ааха амоуӡит, аҳаирплан аҩныҵҟа аҧжәара ҟалазҭгьы, аҧҽыхақәа рҿы аҧжәара ашьаҭақәа иҟазар акәын», — иҳәеит азербаиџьантәи Аихқәа аинформациа рызҭаз ауаҩы.
Аҭыжьымҭа ишану ала, арыцҳара зыхҟьар ауаз 2 версиак ирылацәажәоит. Актәи аверсиала, аҳаирплан акыраамҭа ахархәараҿы иҟан, убри аҟынтә, уаҟа акоррозиа иалагар ауан, аҳаирплан убри амшалагьы икаҳар алшон. Егьи аверсиала, аидара ииашамкәа ирҕәҕәазар ҟаларын, уи атурбулентреи аҭышәынтәалара ацәыӡреи ахылҵыр ауан.