Азербаиџьани, Қырҭтәылеи, Ҭырқәтәылеи, Болгариеи ренергетикатә министррақәа аенергетика иаҵәа ахырхарҭала аусзура арӷәӷәара иазку амеморандум рнапы аҵарҩит
Азербаиџьани, Қырҭтәылеи, Ҭырқәтәылеи, Болгариеи ренергетикатә министррақәа аенергетика иаҵәа ахырхарҭала аусзура арӷәӷәара иазку амеморандум рнапы аҵарҩит. Амеморандум анапаҵаҩра Бақәа мҩаԥган, ақырҭуа ган аҟынтә уи инапы аҵаиҩит Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистр ихаҭыԥуаҩ Вахтанг Цинцаӡе, – аарыцҳаит Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистрра аҟынтә.
Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистрра аинформациа ала, амеморандум хықәкыс амоуп аенергетика иаҵәа ахәаахәҭра ахырхарҭала аусеицура арҭбаара, апроектқәа рынагӡара, атехнологиақәа ирызку адыррақәа реиҭныԥсахлара, ихырҳагоу аԥшьгарақәа рыдгылара.
Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистр ихаҭыԥуаҩ Вахтанг Цинцаӡе иажәақәа рыла, амеморандум анапаҵаҩра атрансҳәаатә аенергетикатә инфраструктура ахырхарҭала аԥшьтәылак русеицуразы ихырҳагахоит.
Амеморандум инақәыршәаны, аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны апланқәа аус рыдулареи, урҭ рынагӡареи ранализи рзы еиҿкаахоит аусуратә гәыԥ ҷыда.