Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра адыррала, азербаиџьантәи арбџьармчқәа Ханкенди ақалақь ахырхарҭала ажәылара мҩаҧыргазшәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам
Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра адыррала, азербаиџьантәи арбџьармчқәа Ханкенди ақалақь ахырхарҭала ажәылара мҩаҧыргазшәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам

Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра адыррала, азербаиџьантәи арбџьармчқәа Ханкенди ақалақь ахырхарҭала ажәылара мҩаҧыргазшәа аларҵәара зауз аинформациа ииашам.

«Азербаиџьантәи арбџьармчқәа Ханкенди ақалақь ахырхарҭала ажәылара мҩаҧыргазшәа шәамахьтәылатәи асоциалтә аҳақәа рҿы аларҵәара зауз аинформациа ииашам. Ҳара иааҧҵәаны ари аинформациа мап ацәаҳкуеит», — иануп Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра адырраҿы.

Уаанӡа шәамахьтәылатәи АИХқәа аарыцҳаит ҟарабахатәи ақалақь Степанакерт ахысбжьы гоит ҳәа, азербаиџьантәи аган ари ақалақь Ханкенди ҳәа иашьҭоуп.