Азербаиџьан акоронавирус адиагноз ззышьақәырҕәҕәоу ауаа рхыҧхьаӡара 641ҩык рҟынӡа ишьҭыҵит. Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла акоронавиурс 57 аҿыц фактқәа аарҧшын. Ари ачымазара амшала иҧсхьеит быжьҩык ауааҧсыра.
Атәыла агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, ачымазара иалҵхьеит 44ҩык атәылауаа. 11ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа цәгьоуп.