Азербаиџьан акоронавирус 1129 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 22ҩык апациентцәа иҧсит
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Азербаиџьан акоронавирус 1 129 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 22ҩык апациентцәа иҧсит. Ари аинформациа аланарҵәеит атәыла Аоперативтә штаб.
Уажәазы атәылаҿы 17 317 активтә фактқәа иҟоуп.
Апандемиа ҟалеижьҭеи Азербаиџьан акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 257 330ҩык, урҭ рҟынтә 236 500ҩык ачымазара иалҵит, 3 515 ҩык апациентцәа иҧсит.