Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Азербаиџьан акоронавирус 1 759 афактқәа аарҧшуп, 511ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, 24ҩык иҧсит. Ари аинформациа аланарҵәеит атәыла Аоперативтә штаб.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 8 923 атестқәа.
Апандемиа ҟалеижьҭеи Азербаиџьан акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 252 680ҩык, урҭ рҟынтә 234 893ҩык ачымазара иалҵхьеит, 3 445ҩык иҧсит.
Уажәазы атәылаҿы 14 342 активтә фактқәа иҟоуп.