Азербаиџьан аенергетика аминистр иҳәамҭала, сынтәа Азербаиџьан Қырҭтәыла анаҭеит 2,5 миллиард акубтә метр аҧсабаратә газ
Сынтәа Азербаиџьан Қырҭтәыла анаҭеит 2,5 миллиард акубтә метр аҧсабаратә газ. АИХқәа ари аинформациа аладырҵәеит Азербаиџьан аенергетика аминистр Парвиз Шахбазов иҳәамҭа ашьаҭас иҟаҵаны.
Азербаиџьан аенергетика аминистр ишиҳәаз ала, сынтәа 11 мза рыла, Азербаиџьан Европаҟа идәықәнаҵеит 11 миллиард акубтә метр агаз, ҵыҧх аасҭа 9 наӡынак рыла еиҳаны.