Азербаиџьани, Шәамахьтәылеи, Ҭырқәтәылеи иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа адәныҟатәи аимадарақәа рзы апарламенттә комитетаҿ ирзыӡырҩит
Азербаиџьани, Шәамахьтәылеи, Ҭырқәтәылеи иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа адәныҟатәи аимадарақәа рзы апарламенттә комитетаҿ ирзыӡырҩит

Азербаиџьани, Шәамахьтәылеи, Ҭырқәтәылеи иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа адәныҟатәи аимадарақәа рзы апарламенттә комитетаҿ ирзыӡырҩит.

Азербаиџьан иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Зураб Патараӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәылеи Азербаиџьани реизыҟазаашьақәа қәҿиарала аҿиара иаҿуп.

«2023 шықәса ақырҭуа-азербаиџьантәи аизыҟазаашьақәа рзы ибеиан. Ишыжәдыруа еиҧш, Азербаиџьан ҳстратегиатә партниоруп. Ҩ-ганктәи аполитикатә еизыҟазаашьақәа ҕәҕәоуп. Ҳазну ашықәс хыркәшоуп арбага бзиақәа рыла. Ҳтәылақәа еиуеиҧшым аинфраструктуратә проектқәа еицынарыгӡоит.  Ҳкорридор, атранзит аҳасабала, апотенциал ду амоуп. Ҳара Абжьаратә корридор арҕәҕәароуп ҳазлацәажәо, уи абзоурала, ҳрегиона ашҟа иаҳа ирацәаны аидарақәа рыдаҧхьалара ҳалшоит. Иааиуа ашықәс азы  Бақәа-Қарҭ-Ҟарс апроект хыркәшахоит», — иҳәеит  Зураб Патараӡе.

Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Гьаргь Џьанџьҕава иҳәамҭала, Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьақәа зеиҧшҟамлац ала иҕәҕәоуп.

«Ҭырқәтәыла ахырхарҭақәа зегьы рыла Қырҭтәылазы ахадаратә ҵакы змоу ҳәынҭқарроуп.  11 мза рырбага инақәыршәаны, ҳтәылақәа рыбжьара атауареикәшара  2 миллиард  750 миллион иаҟарахеит. Ҭырқәтәылантә миллионҩык иреиҳаны аҭааҩцәа ҳамоуп, аинвестициақәа рганахьала Ҭырқәтәыла ҳара ҳзы аҧхьагылара амоуп.  Сынтәа аҧшьбатәи аҭыҧаҿ игылоуп, Ҭырқәтәыла ҳтәыла иаланаҵахьеит  170 миллион адоллар аинвестициа», — иҳәеит Гьаргь Џьанџьҕава.

Шәмахьтәыла иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Гьаргь Шарвашиӡе ишиҳәаз ала,  Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа рыҩаӡара аҭоурыхтә максимум аҩынӡа ишьҭыҵит.

«Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа рыҩаӡара аҭоурыхтә максимум аҩынӡа ишьҭыҵит.  Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иҳаракӡоу аҩаӡараҟны авизитқәа рацәа мҩаҧган. Аекономикатә аимадарақәа иаҳа иҕәҕәахеит, атауареикәшара миллиардк еиҳахеит. Шәамахьтәылантә атуристцәа рацәа ҳҭаауеит. Сынтәа урҭ рхыҧхьаӡара азҳаит 41 наӡынала.  Апроектқәа рацәа еицынаҳагӡоит.  Аҵара аусхкы аҿы ҳаимадарақәа ҕәҕәоуп,  жьҭааразы Еревантәи аҳәынҭқарратә университетаҿ Қарҭвелологиа ацентр аадыртуеит», — иҳәеит Гьаргь  Шарвашиӡе.