Азербаиџьан аенергетика аминистри аенергетика азҵаарақәа рзы еврокомиссари Аладатәи агазтә корридор арҭбаареи Акорридор иаҵәа апроект анагӡареи иалацәажәеит
Азербаиџьан аенергетика аминистри аенергетика азҵаарақәа рзы еврокомиссари Аладатәи агазтә корридор арҭбаареи Акорридор иаҵәа апроект анагӡареи иалацәажәеит

Азербаиџьан аенергетика аминистр Парвиз Шахбазови  аенергетика азҵаарақәа рзы еврокомиссар Кадри Симсони  Аладатәи агазтә корридор арҭбаареи  аенергиа  «иаҵәа»  акорридор  «Каспи-Амшын еиқәа-Европа» аинициатива анагӡареи иалацәажәеит.

Азербаиџьантәи АИХқәа рдыррақәа рыла,  Шахбазови Симсони реиҧылара ашьҭахь ишеилкаахаз ала,   Акорридор иаҵәа апроект анагӡаразы,  хара имгакәа,   апроект анагӡара иахылаҧшуа азеиҧш наплакы еиҿыркаауеит, 2024 шықәса анҵәамҭанӡа апроект атехника-економикатә ҵаҵгәыркра дырмазеиуеит.

Азербаиџьанынтә Европаҟа зырҿыцра ҟало афымца анагара ргәы иҭоуп Амшын еиқәа иалганы, Акорридор иаҵәа ала. Апроект иалахәып Азербаиџьани, Қырҭтәылеи,  Румынтәылеи,  Венгриеи.