"Ахәыҷтәы Евровизиа  - 2023" аҿы аиааира агеит Франциа
"Ахәыҷтәы Евровизиа  - 2023" аҿы аиааира агеит Франциа

Ашәаҳәаратә конкурс “Ахәыҷтәы Евровизиа  – 2023” аҿы аиааира лгеит Франциа ахаҭарнак  Zoé Clauzure (Зое Клозур).  Ахәаҧшцәеи ажиури рыӡбарала,  Қырҭтәыла 14-тәи аҭыҧ ааннакылеит. Онлаин-абжьыҭира алҵшәақәа рыла, Қырҭтәыла  53 абаллқәа аиуит. Зынӡа  74 абаллқәа рыла, Қырҭтәыла 14-тәи аҭыҧ ааннакылеит.

Қырҭтәыла ахаҭарнакцәа  — Анастасиеи, Отои Николози инарыгӡеит  Бетхои  Мебои  Нуцубиӡеаа рашәа «Over The Sky».

«Ахәыҷтәы  Евровизиа — 2023» мҩаҧган Франциа, Ницца ақалақьаҿ.