Ахаланапхгаратә алхрақәа аҩбатәи атур аан атәыла зехьынџьара аус руеит 1830 алхырҭақәа, инеизакны абжьыҭира рҽаладырхәоит 2 088 722ҩык алхыҩцәа
Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла, ахаланапхгаратә алхрақәа аҩбатәи атур аан атәыла зехьынџьара аус руеит 1830 алхырҭақәа, зынӡа абжьыҭира рҽаладырхәоит 2 088 722ҩык алхыҩцәа. Аихшьаалатә брифинг аҿы ари атәы ааицҳаит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Гьаргь Каландаришвили.
Иара иажәақәа рыла, алхратә закәан инақәыршәаны, алхрақәа ирыцклаҧшуа аиҿкаарақәеи АИХи ррегистрациа аҿҳәара ацҵоуп.
«Ашәҟәы иҭагалоуп 5 309ҩык алхратә субиектқәа рхаҭарнакцәеи, аҭыҧантәи анаҧшратә аиҿкаарақәа рҟынтә 35 198ҩык анаҧшцәеи, жәларбжьаратәи анаҧшратә аиҿкаарақәа рҟынтә 1102ҩык анаҧшцәеи, иара убас, 119 АИХ 3 711ҩык ахаҭарнакцәеи», — иҳәеит Каландаришвили.