Ахаланапхгаратә алхрақәа аҩбатәи атур аан атәыла зехьынџьара аус руеит  1830 алхырҭақәа, инеизакны абжьыҭира рҽаладырхәоит  2 088 722ҩык алхыҩцәа
Ахаланапхгаратә алхрақәа аҩбатәи атур аан атәыла зехьынџьара аус руеит  1830 алхырҭақәа, инеизакны абжьыҭира рҽаладырхәоит  2 088 722ҩык алхыҩцәа

Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла, ахаланапхгаратә алхрақәа аҩбатәи атур аан атәыла зехьынџьара аус руеит  1830 алхырҭақәа, зынӡа абжьыҭира рҽаладырхәоит  2 088 722ҩык алхыҩцәа. Аихшьаалатә брифинг аҿы ари атәы ааицҳаит Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Гьаргь Каландаришвили.

Иара иажәақәа рыла,  алхратә закәан инақәыршәаны,  алхрақәа ирыцклаҧшуа аиҿкаарақәеи АИХи ррегистрациа аҿҳәара ацҵоуп.

«Ашәҟәы иҭагалоуп  5 309ҩык алхратә субиектқәа рхаҭарнакцәеи,   аҭыҧантәи анаҧшратә аиҿкаарақәа рҟынтә 35 198ҩык анаҧшцәеи, жәларбжьаратәи анаҧшратә аиҿкаарақәа рҟынтә 1102ҩык анаҧшцәеи, иара убас,  119 АИХ   3 711ҩык ахаҭарнакцәеи», — иҳәеит Каландаришвили.