Ахада ладминистрациа апарламент иаднагалеит Ацентртә алхратә комиссиеи ахантәаҩи алахәылацәеи ркандидатурақәа
Ахада ладминистрациа апарламент иаднагалеит Ацентртә алхратә комиссиеи ахантәаҩи алахәылацәеи ркандидатурақәа

Ахада ладминистрациа апарламент аднагалеит Ацентртә алхратә комиссиеи ахантәаҩи алахәылацәеи ркандидатурақәа. Ацентртә алхратә комиссиеи ахантәаҩы иҭыԥ азы акандиадт роуп акомиссиа уажәтәи ахантәаҩы Гьаргь Каландаришвилии Атәылауаҩратә платформа 20/20 анагӡаратә директор Ҭенгиз Ҭевзаӡе. Иара убас администрациа акомиссиа ҩыџьа алахәылацәа ркандидатурақәагьы иҟәнаргылеит. Ари атәы Ахада ладминистрациа аҟынтә Актәи аканал ахь аарыцҳаит.

Апроцедура инақәыршәаны, акандидатцәа зны акомитеттә формат аҿы ирзыӡырҩуеит,  уи ашьҭахь адепутатцәа аҵәҭаԥсара мҩаԥыргоит. Алхратә закәнеидкыла инақәышәаны, Ацентртә алхратә комиссиеи ахантәаҩы хәышықәсатәи аҿҳәарала далырхуеит, уи 100-ҩык адепутатцәа рыдгылара иҭахуп. Актәи аҵәҭаԥсараан Ацентртә алхратә комиссиеи ахантәаҩы иалзра рылымшар, аҩбатәи аҵәҭаԥсара мҩаԥгахоит. Усҟан Ацентртә алхратә комиссиеи ахантәаҩы ишьақәырӷәӷәаразы 76 бжьы мацара аҭаххоит, аха уи аҭыԥ фымз мацарала ааникылоит.