Аутизм змоу ахәықәа рабилитациа апрограмма абиуџьет иазҳауеит
Аутизм змоу ахәықәа рабилитациа апрограмма абиуџьет иазҳауеит

Қарҭ ахадара аинформациа ала, аутизм змоу ахәықәа рабилитациа апрограмма абиуџьет фмиллион лари рҟынӡа иазҳауеит. Ари атәы ааицҳаит Қарҭ ахада Каха Калаӡе иахьа имҩаԥысыз аҳҭнықалақь ахадара аилатәара аҿы.

“Мшаԥы 1 инаркны ари апрограмма рхы иадырхәо ахәықәеи аиҳабацәеи рзыԥхьаӡара 170-ҩык ирыцҳҵоит, афинансркра роуеит 1545-ҩык,” – иҳәеит Калаӡе.

Аҳҭнықалақь ахада иажәақәа рыла, аутизм змоу ахәықәа рабилитациа апрограмма 2015 шықәсазы иалагеит, усҟан апрограмма абиуџьет 500 000 лари иаҟаран.