Аусуҩ Қарҭ идыргылоз  аҩны  далыҩрит
Аусуҩ Қарҭ идыргылоз аҩны  далыҩрит

Аусуҩ Қарҭ зыргылара иаҿу аҩны  далыҩрит. Ахаҵа уааҵәҟьа дыҧсит.

Арыцҳара ҟалеит Ҭемка араионаҿ. Аусуҩ  10-тәи аихагылантә дкаҳаит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишырҳәаз ала, аусеилыргара мҩаҧысуеит  240 ахәҭаҷла, ашьхатә, аргыларатә, ма даҽа усурақәак раан ашәарҭадара апҟарақәа реилагаразы.