Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҿы  Евроеидгыла еснагьтәи ахаҭарнак 8 ҳәынҭқаррак, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны,   еицрыдыркылаз аҳәамҭа даҧхьеит
Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҿы  Евроеидгыла еснагьтәи ахаҭарнак 8 ҳәынҭқаррак, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны,   еицрыдыркылаз аҳәамҭа даҧхьеит

Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҿы  Евроеидгыла еснагьтәи ахаҭарнак Раса Остраускаите 8 ҳәынҭқаррак, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны,  еицрыдыркылаз аҳәамҭа даҧхьеит. Аҳәамҭа рнапы аҵарҩит Аҩадатәи Македониеи, Черногориеи, Албаниеи, Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи, Исландиеи, Сан-Маринои.

«Ҳара Урыстәыла ала жәларбжьаратәи зини,  Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара апринципқәеи аҧхықәрақәеи реилагара ҕәҕәала ҳақәыӡбоит. Урыстәылахь даҽазнык ааҧхьара ҟаҳҵоит зыҧшра ҟамҵакәа Украина иаҿагылоу  аибашьра иаҟәыҵны,  иарбанзаалак заанаҵтәи аҳәарақәа рыда,  ари атәылантә рхатә абџьармчқәа алыргарц.  Украина иаҿагыланы аибашьра ианалага,  Урыстәыла,  европатәи ашәарҭадара шьаҭас иамоу апринципқәеи аҧхықәрақәеи еиланагеит.

Урыстәыла уаанӡагьы изныкымкәа арҭ апринципқәа еиланагахьеит,   2008 шықәсазы Қырҭәтылагьы,  2014 шықәсазы Украинагьы. Арҭ апринципқәа ирыдҳәаланы аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгареи реиҭахәаҧшреи  ҟалом.  Евроеидгыла даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит Қырҭтәылеи,  Молдовеи,  Украинеи рҵакырадгьылтә акзаара ишадгыло,  арҭ атәылақәа рҟны аусеицура шынанагӡо евроинтеграциа апроцессаҿ ареформақәа рынагӡаразы», — иануп аҳәамҭаҿы.