Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи аиҿкаара амониторинг иҷыдоу амиссиа Украина иқәҵуеит

Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи аиҿкаара амониторинг иҷыдоу амиссиа Украина иқәҵуеит. Аинформациа ианылеит аиҿкаара аофициалтә вебдаҟьа.

“Амиссиа жәларбжьаратәи алахәылацәа зегьы ревакуациа апроцесс ахыркәшарахь инеит. Аҵыхәтәантәи агәыԥ – амиссиа анапхгаҩи иреиҳаӡоу анапхгареи Украина иқәҵуеит,

Краматорски Северодонецки адислокациа змаз амиссиа алахәылацәа риагара апроцесс нагӡоит, Мариуполь ари апроцесс аамҭала аанкылоуп. Киев аҟынтә амиссиа алахәылацәа рколлона алҵра алагеит,” – иануп аҳәамҭа аҿы.