Аурысцәа шьыжь инаркны Украина аҳҭнықалақь аганахьала ажәылара мҩаԥыргоит. Киев арратә ақалақьтә администрациа анапхгаҩы Сергеи Попко ишааицҳаз ала, ажәылараан ампықахалаҩцәа рхы иадырхәит амҵәыжәҩақәа змоу аракетақәеи абалистикатә ракетақәеи (Искандер), иара убас аԥырҩы дызҭам аппаратқәеи.
Попко идыррақәа рыла, аҳауахьчаратә мчқәа аҳҭнықалақь аҿы амҵәыжәҩақәа змам 10 ракетаки, абаллистикатә 10 ракетаки аԥырҩы дызҭам аппаратқәеи карыжьит. Киев ахада Витали Кличко ишааицҳаз ала, ҩыџьа атәылауаа ахәрақәа роуит.
Сумтәи аобласт аганахьала иаха имҩаԥгаз ажәылараан, 13-ҩык ахәрақәа роуит, урҭ дреиуп ахәыҷы. Урыстәылатәи мчқәа Сумы иҟоу ахәыҷтәы асоциал-психологиатә реабилитациатә центри ахәыҷтәы ҩни абомбақәа ақәрыжьит, ԥшьҩык ахәрақәа роуит.
Уахынла атҟәацра абжьы гон Харькови Полтавеи рҿы. Харьков ахада ишааицҳаз ала, “Шаҳедқәа” аҩни аҵараиурҭеи раахеит.
Афронт аҿы иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла 166 аидыслара ҟалеит, урҭ рҟынт 62 Покровск ахырхарҭаҿ.