Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ЕАР ахеилак Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирызкны арезолиуциа аднакылеит
Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ЕАР ахеилак Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирызкны арезолиуциа аднакылеит

Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ЕАР ахеилак Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирызкны арезолиуциа аднакылеит

Женева Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ЕАР ахеилак Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирызкны арезолиуциа  –  «Қырҭтәыла аус ацура» аднакылеит.

Ахеилак аилатәараҿы Қырҭтәыла арезолиуциа цәыригеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиа.

Адокумент иадгылеит ахеилак  24ҩык алахәылацәа.

Жьҭаара 11 рзы ирыдыркылаз арезолиуциа, раҧхьаӡа акәны ианылеит  Урыстәыла ала Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рымпыҵахалара иазку анҵамҭа.

Арезолиуциаҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рзы ахеилак даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

Ахеилак алахәылацәа, импыҵахалоу арегионқәа рҿы  ауаҩытәыҩса изинқәа рыцклаҧшра жәларбжьаратәи амеханизмқәа зыҧшра ҟамҵақәа реиқәыршәара иаҳәоит.

Арезолициаҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәеи, иара убас, Гали Ергнеҭии имҩаҧысуа аиҧыларақәеи  рҵакы.

Ирыдыркылаз арезолиуциа инақәыршәаны, ЕАР ахеилак ЕАР Иреиҳаӡоу акомиссар иднаҵеит Ахеилак анеҩстәи асессиақәа рҿы ари арезолиуциа анагӡара иазкны аҩыралагьы  ҿырҳәалагьы аҳасабырбақәа цәыригарц.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.