Автомобилтә мҩақәа рдепартамент амҩақәа рҿы ишьақәгылоу аԥкрақәа ирызку адырра аланарҵәоит
Автомобилтә мҩақәа рдепартамент амҩақәа рҿы ишьақәгылоу аԥкрақәа ирызку адырра аланарҵәоит

Автомобилтә мҩақәа рдепартамент амҩақәа рҿы ишьақәгылоу аԥкрақәа ирызку адырра аланарҵәоит.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, Аметеорологиатә ҭагылазаашьа цәгьа амшала, мҩақәак рҽы аԥкрақәеи арежим ҷыдеи шьақәгылоуп.

Аметеорологиатә ҭагылазаашьа цәгьа амшала, ацраҳәагақәа змоу автотранспорт изныҟәом:  аҩныҵҟаҳәынҭқарратә ҵакы змоу Мцхеҭа-Степанҵминда-Ларс автомобилтә трасса Гудаури (Ԥоста)-Коби аҵыҧҵәахаҿы, аҩныҵҟаҳәынҭқарратә ҵакы змоу  Кода-Ԥарцхиси-Манглиси-Ҵалка-Ниноҵминда амҩа км94-км147 (Ԥаравантәи аҩхаа-Ниноҵминда) ахҵәахақәа рҿы, аҩныҵҟаҳәынҭқарратә ҵакы змоу  Сачхере-Узунта-Шкмери-Зудали хҵәахеи,  Қәҭешь-Тҟибули-Амбролаури амҩа км39-км52 ахҵәахаҿы. Арҭ амҩақәа егьырҭ ахцәахақәа аартуп.

Аҩныҵҟаҳәынҭқарратә ҵакы змоу (Ш-1) Баҭым (Ангиса) -Ахалцихе амҩа км38 ахҵәахаҿ амҩа бгеит, ари ахҵәахаҿ автотранспорт ала аиҭаҵра ҟалом.