Автомобилтә амҩақәа рдепартамент - Шови ақыҭа ахь ицо аԥхасҭа зауз амҩаҿ арыцқьаратә усурақәа хара имгакәа иалагоит
Автомобилтә амҩақәа рдепартамент - Шови ақыҭа ахь ицо аԥхасҭа зауз амҩаҿ арыцқьаратә усурақәа хара имгакәа иалагоит

Шови ақыҭа ахь ицо аԥхасҭа зауз амҩаҿ арыцқьаратә усурақәа хара имгакәа иалагоит, – иануп Автомобилтә амҩақәа рдепартамент аланараҵәаз аинформациа аҿы.

Аусҳәарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз, ихыҵыз Ҷанҷахи  аӡиас ихыу ацҳақәа: Қәҭешь (Ҷома)- Алпана-Мамисонтәи аҩхаа 136-тәи км аҿы иҟоу аамҭалатәи ацҳеи 139-тәи км аҿы иҟоу ацҳеи (ақ. Шови) ҵнаӡәӡәааит, ари амҩала автотранспорт ала аиҭаҵра ҟалом.

“Уажә аҭыԥ ашҟа атехника анагара ҳаҿуп, хара имгакәа арыцқьаратә усурақәа ҳрылагоит”, – иануп аинформациа аҿы.