Авиаеилахәыра easyJet Лондони Милани рҟынтә актәи ареисқәа нанагӡеит
Авиаеилахәыра easyJet Лондони Милани рҟынтә актәи ареисқәа нанагӡеит

Британиатәи лоуқосҭер авиаеилахәыра Авиаеилахәыра easyJet Лондони Милани рҟынтә Қырҭтәыла ахырхарҭала актәи ареисқәа нанагӡеит.

Уахынла Лондонтәи Лутонтәи аҳаирбаӷазантә Қарҭ 175-ҩык апассаџьырцәа иаҭааит, Милан аҟынтә – 172-ҩык.

easyJet Лондони, Милани, Женевеи рҟынтә мчыбжьыкахь ҩба-ҩба ареисқәа мҩаҧнагоит. Хәажәкыра 31 рзы Женевантә актәи ареис нагӡан.

„Изиџьет“ адунеи 35 атәылақәа рҿы 1000 иреиҳаны ахырхарҭақәа рыла иҧыруеит.  Авиаеилахәыра абаза хада Лондонтәи аҳаирбаҕәаза Лутон аҿоуп иахьыҟоу.