«Аверси» аклиникантә абаандаҩцәа рыбналара аус азы иаанкылаз Ахьчаратә гәыҧ алахәыла, аҧкратә уснагӡатә аҳасабала ахьчара аҵаҟа аҟазаара  иқәырҵеит
«Аверси» аклиникантә абаандаҩцәа рыбналара аус азы иаанкылаз Ахьчаратә гәыҧ алахәыла, аҧкратә уснагӡатә аҳасабала ахьчара аҵаҟа аҟазаара  иқәырҵеит

«Аверси» аклиникантә абаандаҩцәа рыбналара аус азы иаанкылаз Ахьчаратә гәыҧ алахәыла Реваз Иасашвили, аҧкратә уснагӡатә аҳасабала ахьчара аҵаҟа аҟазаара   иқәырҵеит.

Ахарадҵаратә ган Иасашвили изы абаандаҩтәра иаҳәон. Апрокурор ишиҳәаз ала, Иасашвили абаандаҩцәа аклиникашҟа ианнеига, амашьынаҿ акамера ашә ацаҧхала имыркит, ацаҧха ахьчаратә гәыҧ анапхгаҩы иимҭеит, убри ашьҭахь, абаандаҩцәа, ашә аартны, абналара рылшеит. Адукат ахарадҵаратә ган дрықәшаҳаҭымхеит, иара Иасашвили ақьыра иршәаны доурыжьҭырц даҳәеит.

Аӡбарҭаҿы Реваз Иасашвили ихаҭа ишиҳәаз ала, иара изықәдыргылаз ахарадҵара дақәшаҳаҭуп.

Ари аус азы анеҩстәи апроцесс мҩаҧысуеит ҧхынҷкәын 28 рзы.