Авакцина «Pfizer» аҩбатәи адозазы арегистрациа иахьа иалагоит
Авакцина «Pfizer» аҩбатәи адозазы арегистрациа иахьа иалагоит

Авакцина «Pfizer» аҩбатәи адозазы арегистрациа иахьа иалагоит. Агәабзиарахьчара аминистр Екатерина Тикраӡе ари атәы аалыцҳаит Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәара ашьҭахь имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Лара лажәақәа рыла, ауааҧсыра  авакцина аҩбатәи адоза аҟаҵаразы ҧхынгәы 26 инаркны нанҳәа 14нӡа ирзыманшәалоу арыцхә алырхыр рылшоит.

Аминистр ишылҳәаз ала, уаҵәы асааҭ 12:00нӡа  аҩбатәи адозазы арегистрациа иахымсыз ауааҧсыра, автоматла аҩбатәи адоза рзыҟарҵоит актәи адоза ахьыҟарҵаз аклиникақәа рҿы.