Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, апарламент аҧхьа иҟалаз аиҿагылара аан аполициа аусзуҩцәа рҳәатәы ахаҵамразы жәаҩык аанкылан
Қырҭтәыла апарламент аҧхьа азинхьчаҩцәеи аоппозициа адгылаҩцәеи еиҿагылеит.
Мызқәак рыҩнуҵҟа апарламент ашьҭахьтәи аҩналарҭа аҧхьа ақьалақәа рҿы иҟаз аоппозициаа рыдгылаҩцәа рқьалақәа апарламент аҩналарҭа хада ашҟа ииаргар анырҭахха, азинхьчаҩцәа азин рырымҭеит, убри ашьҭахь аганқәа аимак рыбжьалеит.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, аиҿагылараан жәаҩык аанкылан.
Иҳәынҭқарратәым аиҿкаара «Қырҭтәыла НАТО аҿы» ахаҭарнак Алеқсандр Кобаиӡе ишиҳәаз ала, изаамҭаным алхрақәа рымҩаҧгара иаҳәоз активистцәа роуп иаанкылоу.
Аҭыҧашҟа днеит «Амилаҭтә ҵысра» аалахәыла Леван Хабеишвили. Аиҿагылара уажәгьы инагӡоит.