Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр, "аминистрцәа рсааҭ" аҳәаақәа ирҭагӡаны, апарламент аҿы дықәгылоит
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр, “аминистрцәа рсааҭ” аҳәаақәа ирҭагӡаны, апарламент аҿы дықәгылоит
«Апандемиа амшала апроблемақәа шыҟоугьы, аминистрра ауаажәларратә аиҿкаареи ашәарҭадареи аиқәыршәаразы қәҿиарала аусура нанагӡоит», — иҳәеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури апарламент аҿы.
Иара убас, азакәанҧҵаратә орган аҿы аминистр ишиҳәаз ала, сынтәа акриминалтә ҭагылазаашьа ҵыҧхтәи арбагақәа раҵкыс 12%-ла еиҕьхеит.
«Ауаҩшьра, ақәлара, аҕьычра уҳәа, абри аҩыза ацәгьаурақәа рхыҧхьаӡара маҷхеит. Акибершәарҭадара аганахьала аҭагылазаашьа цәгьахеит, уи аглобалтә проблемоуп. Иара убас, аҭаацәараҿы амчылара афактқәагьы иаҳа ирацәахеит», — иҳәеит Вахтанг Гомелаури.