Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Жьҭаара 4 рзы иҟаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы даҽа хаҿык даанкылоуп
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Жьҭаара 4 рзы иҟаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы даҽа хаҿык даанкылоуп

Жьҭаара 4 рзы иҟаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы имҩаԥысуа аусԥшаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, азакәанхьчаҩцәа ацәгьоура иалахәыз даҽа хаҿык дааныркылеит.

АҩАР аинформациала, азакәанхьчаҩцәа ацәгьоура иалахәыз ахаҿқәа ридентификациа нарыгӡоит.

“Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра акриминалтә полициа адепартамент аусуҩцәа жьҭаара 4 рзы иҟаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы имҩаԥысуа аусԥшаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ацәгьоура иалахәыз даҽа хаҿык – Г.К. дааныркылеит.

Жьҭаара 4 рзы иҟаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы аусԥшаара  мҩаԥысуеит Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 317-тәи, 222-тәи, 225-тәи, 187-тәи ахәҭаҷқәа рыла”, – иануп АҩАР аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.