Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Жьҭаара 4 рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы еизакны иаанкылоуп 16-ҩык, еицҵаны аанкылоуп 62-ҩык [авидео]

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусуҩцәа жьҭаара 4 рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы иҵегьы ааныркылеит 16-ҩык, еизакны иаанкылоуп 62-ҩык, – абрифинг аҿы иҳәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гека Гелаӡе.

Аминистр иажәақәа рыла, аҳәаанырцә иҟоу ҩыџьа атәылауаа рганахьала ашьаус хацыркуп, урҭ рҟынтә аӡәы Иракли Шаишмелашвили иоуп.

«Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра акриминалтә полициа адепартамент аусуҩцәа жьҭаара 4 рзы иҟаз ахҭысқәа – астратегиатә, азкра ҷыда змоу ахыбра анапаҿы аагареи  Қырҭтәыла ахада ихан аанда аԥхасҭатәреи, аконституциатә напхгара ахҳәареи рзы аусԥшаара мҩаԥнагоит.

Иахьа аусԥшаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ацәгьоура иалахәыз даҽа 16-ҩык аанкылан, еицҵаны аанкылоуп 62-ҩык. Иара убас аҳәаанырцә иҟоу ҩыџьа атәылауаа рганахьала ашьаус хацыркуп, урҭ рҟынтә аӡәы Иракли Шаишмелашвили иоуп.

Ацәгьоура иалахәыз егьырҭ ахаҿқәа раарԥшразы аусԥшаара нагӡахоит», – иҳәеит аминистр.