Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра – Борџьоми абылра ахыҵхырҭақәа реиҳара ицәоуп, амца аларҵәара иахьаҿу аҭыҧ амониторинг инагӡоит
Борџьоми амуниципалитет аҿы абылра ахылаҧшразы аҭак зыҧхықәу аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Иосеб Ҷелиӡеи Аҷыда ҭагылазаашьақәа рхылаҧшра амаҵзура анапхгаҩы Ҭемур Мҕебришвилии аусуратә аилатәара мҩаҧыргеит.
Дара аҭыҧаҿы аҭагылазаашьа иахцәажәеит.
«Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Борџьоми амуниципалитет аҿы амца ахыҵхырҭақәа 90% ирцәоуп, егьырҭ аҭыҧқәа рҿы амца арцәаратә усурақәа инагӡоит. Амца арцәара апроцесс уажәгьы активла иалахәып Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Атәылахьчара аминистрреи, Арегионалтә аҿиара аминистрреи, Аҧсабарахьчара аминистрреи иашьашәалоу амаҵзурақәеи, аҳәаатә полициа авертолиотқәеи, ҭырқәтәылатәи аҳаирпланқәеи», — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.