Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Азербаиџьан атәылауаҩ Афган Садигов 2 000 лари ахараҧса иқәырҵеит, иара убас, иара Қырҭтәылантә далырцоит, хышықәса рыҩныҵҟа атәылахь аара азин имам
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминситрра ахаҭарнакцәа, административтә ҵасла, дааныркылеит Азербаиџьан атәылауаҩ, иара, иашьашәалоу административтә усеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны аӡбараҿы иус рыӡбеит, – иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминситрра аҳәамҭаҿы.
Аминистрра адыррақәа рыла, Қарҭ ақалақьтә аӡбара ақәҵарала, асоциалтә аҳаҿы аполицаи иаҳаҭыр аларҟәразы, Афган Садигов 2 000 лари ахараҧса иқәырҵеит, иара убас, иара Қырҭтәылантә далырцоит, хышықәса рыҩныҵҟа атәылахь аара азин имам.
„Аӡбара Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ипозициа иазҧхьагәанаҭеит. Зыӡбахәы ҳәоу ауаҩы 62-нтә еиуеиҧшым административтә аилагарақәа дрылахәын, аизарақәеи аманифестациақәеи ирызку азакәан еилаигахьеит, уи азыҳәан ҩынтә административтә баандаҩтәраҿы дыҟан.
Убри адагьы, аӡбаҩцәа Афган Садигов изкны азербаиџьантәи азинхьчаҩцәа рҟынтә ироуз аинформациагьы иазҧхьагәарҭеит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Азербаиџьантәи ареспублика изныкымкәа аҳәара ҟанаҵахьеит Афган Садигов иекстрадациазы. Страсбургтәи аӡбара Қырҭтәыла иаднаҵеит Афган Садигов азербаиџьантәи аган дрырымҭарц, убри аҟынтә, ақырҭуа аган Садигов иекстрадациазы мап ркуан.
Аха, Садигов административтә зин еилеигеит, ари ацәгьауразы иара 2 000 лари ахараҧса иқәырҵеит, иара убас, иара Қырҭтәылантә далырцоит, хышықәса рыҩныҵҟа атәылахь аара азин имам“,- иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминситрра аинформациаҿы.