Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Апрламент аԥхьа акциаҿ административтә ҵасла иаанкылан 107-ҩык атәылауаа
Апарламент аԥхьа акциаҿ административтә закәан 166-тәии 173-тәи ахәҭаҷқәа шьаҭас аҭаны иаанкылан 107-ҩык атәылауаа, – аарыцҳаит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә.
Аусҳәарҭа аинформоациа ала, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа адемонстрантцәа рахь изныкымкәа ааԥхьара ҟарҵеит аҭынчратә аизара анормақәа рҳәаақәа ирҭымҵырц.
“Акциа алахәылацәа аполициа хаҭарнакцәа раҳаҭыр ладырҟәон, ажәа бааԥсқәа рарҳәон, аԥаҭлыкақәеи аихатә маҭәарқәеи, ахаҳәқәеи иргәыдырҵон.
Акциа аан ахәрақәа роуит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра жәаҩык аусуҩцәа. Уажәы ахәшәтәырҭаҿ дышьҭоуп ҳколлега, уи абылрсҭақәа рацәаны имоуп.
Акциа аҭынчратә аизара анормақәа рҳәаақәа ирҭыҵит, акциа алахәылацәа азакәанхьчаҩцәа ирҿагылеит, аполициа хаҭарнакцәа закәанла иазыԥхьагәаҭоу ахархәага ҷыдақәа рхы иадырхәит.Апарламент аԥхьа акциаҿ административтә закәан 166-тәии 173-тәи ахәҭаҷқәа шьаҭас аҭаны иаанкылан 107-ҩык атәылауаа“, – иануп аинформациа аҿы.