Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра - Акциа аҭынчратә аизара анормақәа рҳәаақәа ирҭыҵит, акциа алахәылацәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит аҭынчратә аизара анормақәа рҳәаақәа ирҭымҵырц
Акциа амчыларатә ҟазшьа аиуит, акциа аиҿкааҩцәа амчыларатә ааԥхьарақәа ҟарҵеит, – — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.
Аусҳәарҭа акциа алахәылацәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҭынчратә аизара анормақәа рҳәаақәа ирҭымҵырц.
“Акциа алахәылацәа Аҭонели имҩаҿ иҟоу Қырҭтәыла ахада ихан аанда ԥхасҭартәын, ахыбра мчыла аҩналара иақәыркит. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра акциа алахәылацәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҭынчратә аизара анормақәа рҳәаақәа ирҭымҵырц. Ари ҟарымҵар, аполициа хаҭарнакцәа закәанла иазыԥхьагәаҭоу ахархәага ҷыдақәа рхы иадырхәоит,” — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.