Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аланарҵәеит. Аҳәамҭаҿы ишану ала, имҩаԥысуа аҿагыларатә акциақәа рылахәылацәа Русҭавели имҩаду ианахәҭам аамҭазы идыркуеит. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа азакәан еилазго еилкааны, Административтә еилагарақәа рзакәанеидкыла инақәыршәаны, ахараԥса рықәырҵоит.
“Ауаажәларра ирдыруазар ҳҭахуп, Қырҭтәыла “Аизарақәеи аманифаестациақәеи ирызку” инақәыршәаны, ауаа рацәаны ианыҟам аамҭазы, амҩа аркра ҟалом, аха имҩаԥысуа аҿагыларатә акциақәа рылахәылацәа Русҭавели имҩаду ианахәҭам аамҭазы идыркуеит. Ари азинеилагаразы Қырҭтәыла Административтә еилагарақәа рзакәанеидкыла 174 ахәҭаҷ инақәыршәаны иазыԥҳьагәаҭоуп 5000 лари иаҟароу ахараԥса», – ҳәа иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.