Аҩныҵҟатәи ауқәа рминистрра аусзуҩцәа анаркоацәгьауразы 27ҩык ааныркылеит
Акриминалтә полициа хада Қарҭи, Аҷареи, Гыртәыла-Хыхьтәи Шәантәылеи, Гуриеи, Кахеҭии, Имереҭии адепартаментқәеи Апрокуратура хадеи еицымҩаҧыргаз аоперативтә усмҩаҧгатәқәа рыбзоурала, анаркоацәгьауразы 27ҩык аанкылоуп, урҭ рҟынтә 15ҩык анаркотикқәа рыҭиара рхарарҵоит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, иаанкылоу иреиуп Қырҭтәыла атәылауаагьы атәымтәылауаагьы.
Зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра рынхарҭақәа реимдараан иаарҧшуп арҩышьыгақәеи аҧареи рацәаны, иара убас, аелектронтә акапангақәеи.