Аҩны шкәакәа - ЕАШ зықәра наӡоу ауааԥсыра 70% акоронавирус азы алаҵа рзыҟаҵоуп
ЕАШ зықәра наӡоу ауааԥсыра 70% акоронавирус азы алаҵаҵәа рзыҟаҵоуп, 80% – актәи адоза рзыҟарҵахьеит. Ари атәы ааицҳаит Аҩны шкәакәа акоординатор Џефри Зиентс.
Зиентс иажәақәа рыла, ахада Џьо Баиден иадминистрациа адгылара ала, 5-шықәса инаркны 11 шықәсанӡа ахәыҷқәа рвакцинациа сынтә абҵара 8 инаркны иалагоит Ачымазарақәа рхылаԥшреи рпревенциеи рцентр (CDC) арекомендациа шьаҭас аҭаны.
Аҩны шкәакәа акоординатор ишааицҳаз ала, ЕАШ афатәаалыҵи амедикаментқәеи радминистрациа (FDA) шьақәнарӷәӷәеит “Фаизер-Бионтек” алаҵа 5-шықәса инаркны 11 шықәсанӡа ахәыҷқәа рзыҟаҵара. Аилахәыра”Модерна” FDA аҟынтә алаҵа хәыҷқәа рзыҟаҵара азин аиура алшоит.