Аҩны шкәакәа апресспикер - ЕАШ Урыстәыла аҭакқәа аурс рыдулара иалагоит, аха Нато арҭбаара иазку азҵааразы апозициа аԥсахра агы иҭам
Аҩны шкәакәа апресспикер Џьен Ԥсаки иҟалҵаз аҳәамҭала, ЕАШ Урыстәыла аҭакқәа аурс рыдулара иалагоит, аха Нато арҭбаара иазку азҵааразы апозициа аԥсахра агы иҭам.
“Црыстәыла ахымҩаԥгашьа иазкны хареи ҳадгылаҩцәеи агәынамӡара ааҳарԥшуеит. Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен Сергеи Лавров иҟны аиԥылараан иҟаиҵаз аҳәамҭала, ашьаҭатәи принципқәеи зҵаарақәаки рыхьчара ЕАШ-и, ҳпартниорцәеи ҳадгылаҩцәеи гәык ала ирзыҟоуп, урҭ иреиуоуп ахатә ԥеиԥш алхра украинатәи жәлар рсуверентә зин. Ари зҵааразы ахәаахәҭра ҟалом,” – илҳәеит Џьен Ԥсаки.