Аҩны шкәакәа апресс-спикер – Украина ареформақәа мҩаҧыргароуп, НАТО иалалаанга, Украина, НАТО алахәылацәа зегьы ирзеиҧшу астандартқәа ирышьашәалазароуп
Аҩны шкәакәа апресс-спикер – Украина ареформақәа мҩаҧыргароуп, НАТО иалалаанга, Украина, НАТО алахәылацәа зегьы ирзеиҧшу астандартқәа ирышьашәалазароуп

«Америка НАТО иаарту ашәқәа аполитика иадгылоит, Алианс алалара иазку аӡбара еицрыдыркылоит 31 аидгылаҩцәеи акандидат-тәылеи», — илҳәеит Америка ахада иадминистрациа апресс-спикер   Карин Жан-Пиер.

Аҩны шкәакәа ахаҭарнак ишылҳәаз ала, Украина азҵаара иадҳәаланы, Вашингтон НАТО алахәылацәа рҟны адиалог мҩаҧнагоит, Украина Алианс алалараы ишацхрааша еицырыӡбоит.

«Адипломатиатә аиҿцәажәарақәа рдетальқәа срылацәажәом. Аха Баиден изныкымкәа иҳәахьеит Украина ареформақәа шымҩаҧгатәу, ари атәыла НАТО иалалаанга, НАТО алахәылацәа зегьы ирзеиҧшу астандартқәа ирышьашәалазароуп. Америка ахада игәаанагарала, Украина уи алшоит. Ҳара НАТО иаарту ашәқәа аполитика ҳадгылоит», — илҳәеит  Карин Жан-Пиер.